Аслан Бжьаниа Хазреҭ Совмен имшира идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Адыгеиа ԥасатәи Ахада, амеценат, Аԥсны ҩызара азызуа Хазреҭ Совмен имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Хазреҭ Меџьид-иԥа!

Гәахәара дула ишәыдысныҳәаларц сҭахуп Шәымшира.

Шәара Аԥсны ашҟа ишәымоу агәбылра, уи аганахьала изныкымкәа иҟашәҵахьо аус бзиақәа ирыбзоураны аԥсуа жәлар рыбзиабареи раҳаҭыри шәаԥсахеит.

Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит короновирус иаҿагыланы ақәԥараҟны, апандемиа иахҟьаны аҭагылазаашьа аныуадаҩыз аамҭазы Аԥсны иашәҭаз ацхырааразы.

Шәара иҟашәҵаз ацхыраара иабзоураны имаҷҩымкәа ауаа реиқәырхара алыршахеит.

Хазреҭ Меџьид-иԥа, Шәара Аԥсны шәбара гәахәароуп ҳара ҳзы, есқьынгьы бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит.

Ишәзеиӷьасҳшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, аихьӡарақәа шәнапы злаку аусқәа рыҟны.  

Ҳаҭырла,
Аслан Бжьаниа»


Возврат к списку