13.04.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион актив дыдирдырит Администрациа ахада инапынҵақәа назыгӡо Беслан Бигәаа.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа даԥхьеит Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа.
Ахада анапхгаҩ ҿыц аԥышәа бзиа змоу зус профессионалла иазыҟоу шиакәыз иҳәеит. Аслан Бжьаниа анапхгаҩ ҿыц ахшыҩзҿлымҳара аиҭарц азгәеиҭеит араион аҟны асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра.
«Анхара аамҭа ааит. Шәааи арыцқьарала ҳалагап», иҳәеит Аслан Бжьаниа аԥсшьаратә аамҭа аламҭалазы адгьылҵакыра «арыцқьара» иалагарц рабжьго.
Ахада иазгәеиҭеит сынтәа аԥсшьаҩцәа рацәаҩны раара ишазыԥшу, иара убас Мрагыларатәи Аԥсны аганахьгьы. Араион аҟны аусура мҩаԥысуеит аинвестпроект ду - Тамшь ақыҭаҿы ихацыркуп аԥсшьарҭатә база.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Тамшь ақыҭаҿы аинвестпрограмма анагӡара шалыршахаз Урыстәыла Ахада Владимир Владимир-иԥа Путини иареи реиқәшәара анаҩс.
2020ш. абҵарамза 12 рзы Урыстәыла Ахадеи сареи Шәача ҳаиқәшәараан сиҳәеит Аԥсны апроектқәа рынагӡаразы урыстәылатәи абизнес ду адыԥхьалараҿы ацхыраара ҟаиҵарц. Апроектқәа руак ала ҳазҭагылоу аамҭазы аусура ахыркәшарахь инеиуеит», - ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.
Ахада иргәалаиршәеит хәышықәса рыҩныҵҟа амҩаҿықәтәи аинфраструктура арыцқьаразы аԥара шазоужьымыз. «Хымԥада иаарласны аҭыԥ иқәҵатәуп», - иҳәеит Ахада. - «Убри аан амҩаду аҿықә аҟны аргыларақәа рыҟаҵаразы аиқәшаҳаҭра ыҟазароуп».
«Иҟазароуп амилаҭтә колорит змоу стильк. Иргылоу зегьы уажәшьҭа аԥсахра уадаҩуп, аринахыс аргыларақәа зегьы еиқәшаҳаҭрала имҩаԥыслароуп. Амҩа ду инаваршәны аргыларақәа рзы зеиԥш концепциак адкылара азухоит. Уи иаанагаӡом ҳара аӡәы аказы мап ицәаҳкуеит ҳәа. Уи иаанаго уи ауп, ари азҵаара шәаны-изаны ҳазнеиуеит», - ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
«Аҳәынҭқарра хықәкыс иамоу -аинвестициа адыԥхьаларазы аҭагылазаашьа аԥҵароуп. Ҳарҭ акрызҵазкуа аинвестициақәа ҳҭахуп. Араион аҟны имаҷымкәа адгьыл ҭацәқәа ыҟоуп, аекономика аганахь ала лыҵшәа хмам. Адгьыл аҭира акәӡам ҳазлацәажәо, хаҳарала ахархәара ауп», - иҳәеит Ахада.
Очамчыра Администрациа Ахада инапынҵақәа назыгӡо Беслан Бигәаа Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ирҭаз агәрагаразы.
«Сара еилыскаауеит араион аҟны аусура шымариам, убри аҟынтә акыр сақәгәыӷуеит администрациа аусзуцәеи араион активи рыцхыраара. Сара сганахь ала исылшо зегьы ҟасҵоит. Ҳаԥхьа имариам аус дуқәа шьҭоуп, урҭ ҳаидгыланы рыӡбара ҳалагоит», - иҳәеит Бигәаа.