Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Ақалақь-Фырхаҵа 79 шықәса ахыҵра инамаданы тҟәарчалаа дрыдныҳәалеит

09.04.2021

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ақалақь-Фырхаҵа 79 шықәса ахыҵра инамаданы тҟәарчалаа дрыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

"Акыр иаҧсоу тҟәарчалаа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит ишәызгәакьоу шәықалақь 79 шықәса ахыҵра!

Тҟәарчал қәрала Аҧсны егьырҭ ақалақьқәа акыр иреиҵазаргьы, иамоуп ҳҳәынҭқарра ахьыӡ ҭызго аҭоурых ду. Аҩажәатәи ашәышықәса актәи азыбжазы аҧшӡара иамҽхакны иамоу  ашьха ҭыҧ аҿы иаҧҵаз ақалақь иаразнак Аҧсны ааглыхра ахьхацыркхаз ҭыԥны иҟалеит.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан тҟәарчалаа иаадырҧшыз афырхаҵара ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит. Амацәаз иҭакыз ақалақь ҧсеиқәырхаганы ирзыҟалеит ампыҵахалаҩцәа зхы рцәызыхьчоз  зықьҩыла аҳәсеи, ахәыҷқәеи, абыргцәеи.

Аҳәынҭқарра анапхгара ахықәкқәа ируакуп Тҟәарчал Ақалақь Афырхаҵа иамаз аекономикатә лшарақәа шьаҿа-шьаҿала азырхынҳәра, ауааҧсыра рыбзазашьа аиҕьтәра.  
Тҟәарчал иаланхоит зхатә ҟазшьа змоу, еснагь асасцәа ирзыҧшу, аԥсуа ичеиџьыка ҳаҭыр ззақәу ауаа.
!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит бзиа ижәбо шәықалақь ҧшӡа амш ныҳәа. Ишәзеиҕьасшьоит ҭаацәацыҧхьаӡа аманшәалара, аизҳазыҕьара!"


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org