07.04.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы В.И. Матвиенко лымшира лыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа!
Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.
Шәара шәнапы злаку аҳәынҭқарратә усура зегьы хамеигӡарада Аԥсадгьыл амаҵ аура иазкуп. Шәыпрофессионализм, астратегиатә уснагӡатәқәа лыҵшәабзиала рыӡбараҟны ишәымоу аихьӡарақәа ирыбзоураны Шәара ҳазҭагылоу аамҭазы иналукааша Урыстәыла аҳәынҭқарратә усузуҩцәа шәыруаӡәкуп.
Аԥсны-урыстәылатәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иашәҭо адгылара иалҵшәахеит Аԥсны жәлар ҷыдала ишәықәырҵо аҳаҭыр.
Шәара хаҭала шәалахәрала активла аҿиара иаҿуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки русеицура.
Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа, абри амш ссир аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡара ҿыцқәа ҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҟны".