Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Валентина Матвиенко Аԥсны Ахада имшира идылныҳәалеит

06.04.2021

Урыстәылатәи Афедерациа  Афедералтә Еизара Афедералтә Хеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аԥсны Ахада имшира идылныҳәалеит.

Адныҳәаларатә аацҳамҭаҿы иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедералтә Хеилак ахә ҳаракны иршьоит Шәара шәлагала ду аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәараҟны, урыстәыла-аԥснытәи аиҿцәажәара ганрацәала аҿиараҟны, апарламенттә усурагьы убрахь иналаҵаны, урҭ иахьа аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рышьақәырӷәӷәра иашьагәыҭуп.

Агәра згоит, Шәара шәнапхгарала Аԥсны Аҳәынҭқарра аихьӡара ҿыцқәа раарԥшра шалшо аҳәынҭқарра ашьақәырӷәӷәареи хырхарҭа рацәала еиларсу амилаҭтә економика ашьҭыхреи рус аҿы.

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа. Шәара шәԥышәеи шәмаҵура анагӡараҟны ишәымоу агәазыҳәареи Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра рԥеиԥш бзиа ачаԥара шьаҭас иауааит.

Ҳаҭыр дула сшышәзыҟоу агәра шәсыргар сҭахуп".


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org