Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада имшира идиныҳәалеит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы В. Кәарҷиа

06.04.2021

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы В.Кәарҷиа.

Адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп:                        

                          
" Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сҟынтә гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит  Шәымшира!

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, ишәзеиҕьасшьоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҟны ҳажәлар реизҳазыҕьара ахьӡала инашәыгӡо аусураҟны еицакра зқәым агәамч, алшарақәа.    

Агәра згоит ҳҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара ахырхарҭақәа зегьы рыӡбараҟны аҧхьаҟагьы лыҵшәабзиала ҳусеицура ишацҵахо".


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org