31.03.2021
Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи аџьар ҟаԥшь аилак амиссиа ахада Маттиас Ваинраихи, хабарда ибжьаӡыз рзы Кавказ иҟоу ЖӘАҞА ацҳаражәҳәаҩ Дениел Мак Свини реиԥылара.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ЖӘАҞА амиссиа аусура, иаҵшьны иҳәеит уи ацхыраарада алҵшәа змоу абри аҟара зымҽхак дуу аусура амҩаԥгара шыуадаҩхоз. «Шәара шәмиссиа аҵакы дуӡӡоуп»,- иҳәеит Ахада.
ЖӘАҞА ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит амиссиа хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы аус ауеижьҭеи жәашықәса шыҵуа. «Ари аамҭа иалагӡаны рхаҭара шьақәыргыланы аҭынхацәа ирыҭан 117 рҟынӡа аԥсыбаҩқәа. Ари аҵак ду амоуп. Ҳара адунеи зегьы аҟны аус аауеит, ари апрограмма зыҩаӡара ҳараку аусура мҩаԥнагоит Аԥсны»,-иҳәеит Дениел Мак Свини.
Аҳәынҭқарра Ахадеи ЖӘАҞА ахаҭарнакцәеи хабарда ибжьаӡыз ирызку апрограмма ацҵара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.