21.03.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥасатәи Ахада Рауль Ҳаџьымба имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иԥа!
Ишәыдысныҳәалоит Шәымшира. Сара агәра згоит Шәара аҳәынҭқарратә маҵзураҟны ишәымоу аԥышәа ҳтәыла ахьӡала хархәара шаиуазы.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, аҭынчра, анасыԥ шәҭаацәараҟны.