07.03.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла амедицинатә ҽгәаҭара анаҩс хәажәкырамза 7 рзы Аԥсныҟа дхынҳәит.
Уи аҽны аҳәынҭқарра Ахада Аминистрцәа реилазаара анапхгара алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥыза-министр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба Ахада адырра ииҭеит коронавирус инамаданы иҟоу аҭагылазаашьазы, иара убас иҳәеит 2021 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет апроект ахәаԥшразы апарламент адепутатцәеи дареи реилацәажәара атәы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган илҳәеит хәажәкырамза 5 рзы «Кавкасиони» ацәаҳәаҟны ицәырҵыз атехникатә проблемақәа ирыхҟьаны фымцала аиқәыршәараҟны иҟоу аиԥҟьарақәа ртәы.
Хәажәкырамза 6 рзы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгареи аспециалистцәеи Кавкасиони ацәаҳәа аԥсуа ган иахьаҵанакуа аҭыԥ гәарҭеит. Аԥхасҭа шамамызгьы рбеит. Иахьа ақырҭуа аган аҟны Кавкасиони ацәаҳәа иамаз аԥхасҭа аԥыхын, ҳазҭагылоу аамҭазы ацәаҳәа аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа хыркәшахоит.