02.03.2021
АИХ-еи асоциалтә каҭақәеи рыҟны Аҧсны Ахада ицхырааҩ (аштат нҭыҵ иҟоу) Бенур Квираиа жәабранмза 25 рзы Қырҭтәылаҟа аиҿцәажәара амҩаҧгаразы дцеит ҳәа
ирылаҵәаз ацҳамҭа инамаданы, ахада ипресс-маҵзура азинмч инықәныҟәаны иаанацҳауеит атәылауаҩ Квираиа Бенур Мамиа-иҧа 2021 шықәса жәабранмза 19 рзы Аҧсны
Аҳәынҭқарра Ахада Ицхырааҩ имаҵура шаанижьыз, Қырҭтәыла амчхарақәа рыҿцәжәаразы аӡәгьы азин шиимҭаз.