Аслан Бжьаниа Рустам Минниханов Имшира идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Рустам Минниханов имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:  

«Ҳаҭыр зқәу Рустам Нургали-иԥа!

Аԥсны жәлари Аԥсны анапхгареи рыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.

Шәара шәызнысыз амҩа – хамеигӡарада Аԥсадгьыл амаҵура иаҿырԥшыганы иҟоуп.  Атәылауаа рсоциалтә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи Ҭаҭарсҭан аекономикатә ҿиареи зҿлымҳара ду рыҭо, акрызҵазкуа азҵаарақәа рыӡбараҟны агәаӷьреи апрофессионализм ҳараки аарԥшуа, Шәара шәыжәлар рыҩныҵҟа хьӡи-ԥшеи шәырҳаит, раҳаҭыр ду шәаԥсахеит.  

Аԥсны жәлар ибзианы иргәалашәоит, ахәгьы ҳаракны иршьоит аамҭа хьанҭа ҳанҭагылаз ҭаҭарсҭанаа иҳарҭаз адгылара. Агәра згоит ҳреспубликақәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы ишыӷәӷәахало.  

Рустам Нургали-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны аихьӡарақәа».  


Возврат к списку