27.02.2021
Хәажәкырамза 27 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Адыгеиа Ахада Мураҭ Кумпилов Имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Мураҭ Каральби-иҧа!
Аҧсны жәлари хаҭала сара сҟынтәи ишәыдысныҳәоит Шәирамш.
Гәахәара дула иреиҕьу азеиҕьашьарақәа шәзыскырц сҭахуп, Шәара, ҳашьцәа адыга жәлар ртәыла – Ареспублика Адыгеиа Ахада иаҳасабала.
Шәара аҧышәа змоу аполитик, аҳәынҭқарратә усзуҩ шәнапхгарала Ареспублика аихьӡара бзиақәа амоуп асоциалтә-економикатә ҿиараҟны. Иҳараку шәыпрофессионализм, шәдыррақәа, шәҧышәа ирыбзоураны шәыуаажәлар раҳаҭыри рыбзиабареи шәаҧсахеит. Ҷыдала иазгәаҭазар сҭахуп ҳаиашьаратә жәларқәа шәышықәсала ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҟны шәлагаламҭа шдуу.
Ҳаҭыр ду зқәу Мураҭ Каральби-иҧа, Шәымшира аҽны ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, Ареспублика Адыгеиеи Урыстәылатәи Афедерациеи рымаҵ аура иазку аус аҟны аихьӡарақәа!»