16.02.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит аиҳабырауаа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, АЕА «Амшынеиқәафмцамч», Апрокуратура хадеи Аҩныҵҟатәи аусқәеи рхаҭарнакцәа алархәны.
Аилацәажәараҟны ишьҭыхын изакәанымкәа акриптовалиута арҳареи атәылаҟны иҟоу аепидимиологиатә ҭагылазаашьеи ирызкыз азҵаарақәа. ́
Ахада иазгәеитеит иоуа аинформациа ала афымцамч ахархәара амҽхак еиҭа иазҳауа ишалагаз.
Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, афымцамч ахархәара азҳара иҟалаз ахьҭақәа ишрыдҳәалам. "УА аҟнытә иаауа афымцамч амҽхак ҳасаб азуны, ари амзазы уи ахархәара амҽхак 8,3 млн квт иреиҳамхароуп",- иҳәеит иара.
Ахада даҽазныкгьы амаҵурауаа рнапынҵақәа анынармыгӡа ирыду хаҭалатәи аҭакԥхыкәра атәы ргәалаиршәеит. «Аӡәгьы игәы имырҭынчроуп. Аҭагылазаашьа ҳариашароуп», - абас ргәы рҽаниҵеит иара.
Аслан Бжьанаиа иҳәеит аринахыс ас еиԥш инарҭбааны аилацәажәарақәа рымҩаԥгара игәы ишҭам.
«Афымцамч ахархәара амҽхак азы исоуа аинформациа инақәыршәаны азыӡбақәа сыдыскыло салагоит», - иаҵшьны иҳәеит Ахада.
Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа далацәажәеит атәылаҟны иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа. Уи иажәақәа рыла, ирыдыркылаз аԥкрақәа рыбзоурала ауааԥсыра рыҩныҵҟа короновирустә ҿкы иахҟьаз ачымазара арбагақәа алаҟәра иаҿуп.
Ахада ҷыдала иазхьаирԥшны иҳәеит уи агәҭынчразы азин шаҳнамҭо.
«Арҵаратә процесс ахацыркра инамаданы асанитартә нормақәа еиҳа ҭакԥхықәрала рызнеира аҭаххоит», - иҳәеит Ахада.
Аԥыза-министр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба аҳәынҭқарра ахада адырра ииҭеит аиҳабыра алархәны аҵараиуратә усҳәарҭақәа аҵара ишазхиоу азы агәаҭара шымҩаԥыргаз азы.
«Иазгәаҭатәуп ашколнӡатәи аусҳәарҭақәеи ашколқәеи иахьынӡалшоз ала аарҭра ишазхиоу», - иҳәеит Делба.
Ахада аиҳабыра алахәцәа, аҳәынҭеилахәырақәа, егьырҭ амаҵзурақәа ирыдиҵеит апандемиа ыҟанаҵы ҩымш рыҩныҵҟала ашколқәа хылаԥшра рзызуа, школцыԥхьаӡа знапы иану ачынуаа рсиа изааргарц азы.
«Ари иаанагаӡом ԥарала ацхыраара рышәҭалароуп ҳәа. Зыӡбахә ҳамоу асанитартә нормақәа рықәныҟәара шымҩаԥысуа ахылаԥшра ауп. Абри арежим аҟны мызқәак аус утәуп. Апандемиа иадҳәалоу апроблема ӡбаны ианыҟала, ари аусура аанкылахоит», - иҳәеит иара.
Аилацәажәара иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.