Валери Кәарҷиа ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара.

Валери Кәарҷиа ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа 75-шықәсаихыҵра амш аҽны ианеишьеит «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара.

«Валери Ермеи-иԥа,  ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи. Шәара шәылшамҭақәа рҵакы дууп ҳтәыла аҿаԥхьа.
75 шықәса қәра маҷӡам, аха аԥсуа қәразы иагьырацәаӡам. Ашықәсбжароуп ҳәа иԥхьаӡоуп ари, шәшәымҭа шәҭагылоуп ҳәа.
Ишәзеиӷьасшьоит агәамч, агәабзиара, ақәранҵыра ду», - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.  

В. Кәарҷиа ииубилеи идырныҳәалеит иара убас Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Урҭ иазгәарҭеит Валери Кәарҷиа илагаламҭа ду аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны.

Валери Кәарҷиа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьаразы иҭабуп реиҳәеит Ахадеи атәыла анапхгареи.


Возврат к списку