28.01.2021
Ԥасатәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба асоциалтә каҭақәа рыҟны Ахада ишҟа иҟаиҵаз ааԥхьараҟны иазгәаҭан «акриптовалиута арҳара иазку аусура аанкылазааит атәыла анапхгара ааигәара иҟоу рыҩныҵҟа» ҳәа.
Аслан Бжьаниа иҳәеит ари аусхк аҿагылараҟны ацхыраара ҟазҵо зегьы иҭабуп ҳәа шреиҳәо, аха абас еиԥш ааԥхьараҟны иаҭахуп ахаҿыркра, хьыӡҳәала рыхцәажәара ҳәа.
«Иҟазароуп афактқәеи ахаҿқәеи. Изырҵабыргуа ыҟамзар, ари аизыҟазаашьақәа аршәытоит. Ас еиԥш иҟоу ацәажәара аоппозициеи аиҳабыреи рыбжьара агәрагара арӷәӷәаӡом. Сара сааигәара иҟоу рыҩныҵҟа иҟоуп Ахада Иадминистрациа, Аминистрцәа реилазаара ахаҭарнакцәа, урҭ рхыԥхьаӡара зықьҩык рҟынӡа инаӡоит. Убри аҟнытә сазыԥшуп ахьыӡқәеи ажәлақәеи зцу аҳәамҭа. Абри аҟны иҳацхраар, лассы аус аҭыԥ иқәаҳҵоит», - иаҵшьны иҳәеит Ахада.