Ахада Ашықәс ҿыц аламҭалазы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Ахада Ашықәс ҿыц аламҭалазы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

ԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашықәс ҿыц аламҭалазы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Ааԥхьараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аҧсны жәлар!
        Минуҭқәак рышьҭахь ҳҭалоит Ашықәс ҿыц. Уи хәыҷи дуи лымкаала бзиа ирбо ныҳәоуп. Иара иацуп агәыҕра, агәрагара, агәалаҟазаара бзиа.

        Ииасуа ашықәс мариамызт адунеи атәылақәа зегьы рзы. Уи иаанагеит ҳаззыҧшымыз ауадаҩра. Иҿыцны ицәырҵыз ачымазара иаҧсахит ҳзышьцылаз аҧсҭазаара. Иҳармаҷыр акәхеит ҳаиҭанаиааира, ҳаимадарақәа. Уи аҧхасҭа ду анаҭеит аекономика. Иара аныҳәагьы уаанӡеиҧш инарҭбаанs иазгәаҳҭартә алшара ҳамам.

Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, сшәыҳәоит аныҳәамшқәа рзы шәхы шәеиҷаҳарц, аҳақьымцәа иҳабжьырго шәазхәыцырц.

Лымкаала срыдныҳәалоит уаха аныҳәа зусураҿы иаҧыло, ҳауаажәлар ргәабзиара зыхьчо аҳақьымцәа. Иҭабуп ҳәа расҳәоит рџьабаазы.
        Иҭбуп ҳәа расҳәоит аамҭа шымариамызгьы, зхы мшаҭакәа аҳәынҭқарра амаҵ азызуаз зегьы. Ҳымҧада, ҳариааиуеит ауадаҩрақәа, аамҭа бзиақәа ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп.
        Аҩызцәа, Ашықәс ҿыц аныҳәа иамоуп аҟазшьа ҷыда. Уи лымкаала иацуп аҧхарра, агәбылра.

        Ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, ҩнаҭацыҧхьаӡа абзиабара, аизҳара. Аҧсны ҧшӡа наунагӡа иагымзааит аҭынчра!»


Возврат к списку