Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Владимир Путин Аслан Бжьаниа Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит

30.12.2020

Владимир Путин Аслан Бжьаниа Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:  

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәа лашеи.  

Иҳаҩсуа ашықәс азы аидгылареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас измоу Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа конструктивла аҿиара иаҿын.

Сгәы иаанагоит, аринахысгьы ҩ-ганктәи аимадарақәа реизырҳарала аусуеицура иацҵахап ҳәа – ҳажәларқәа реизҳазыӷьаразы, арегионалтә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәаразы.  

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аихьӡарақәа, Аԥсны жәлар зегьы – аҭынчреи аизҳазыӷьареи».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org