18.12.2020
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жәларбжьаратәи аинформациатә телеканал «Russia Today» (Урыстәыла Иахьа) аинтервиу аиҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада ателеканал иналукааша ажурналист Роман Косариов короновирусттә ҿкы чымазара иаҿагыланы ақәԥара, аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа, Аладатәи Кавказ иҟоу аҭагылазаашьа уҳәа ирызкыз изҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.
Ахада иҿцәажәара аефирахь иҭыҵуеит анаҩстәи амчыбжь азы.