16.12.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит аҳәынҭқарра Ахадеи УА ақыҭанхамҩа аминистр Дмитри Патрушеви реиҧылара.
Аиҧылараан ирылацәажәан Аҧсны ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулара иазку анаплакқәа раҧҵареи шықәсырацәалатәи асубтпропикатә культурақәа реиҭашьақәыргылареи аҿыцқәа ршьапкреи, арахәааӡара, аҧсаатқәа, аҧсыӡааӡара аҿиареи рызҵаарақәа.
Аиҧылара иалахәын Аҧсны аҧыза-миснитр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, УА ақыҭанхамҩа аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Џьамбулат Хатуов.