Аслан Бжьаниа Б.Х. Бгажноков иҭаацәа дрыдышшылеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Ҟабарда-Балҟариатәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут иналукааша аҭҵаарадырратә усзуҩы, “Ахьӡ-Аҧша” аорден II аҩаӡара занашьоу, Аҧсны ҩызара азызуаз Барасби Хачим-иҧа Бгажноков иҧсҭазаара иалҵра инамаданы иҭаацәа дрыдышшылеит.

Адышшыларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

“Гәалсрала сшәыдышшылоит  Барасби Хачим иҧсҭазаара иалҵра инамаданы. Ари цәыӡ дууп иара иҭынхацәа рзеиҧш адыга жәлар зегьи аҧсуа жәлари рызгьы.
Барасби Хачим илагаламҭа дууп адыгақәа рҭоурых, ркультура, рҵасқәа рыҭҵаараҟны, аиашьара зыбжьоу аҧсуа жәлари адыга жәлари ганрацәалатәи реимадарақәа рырҕәҕәараҟны.

Аҧсны жәлар ирхашҭраны иҟаӡам Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аҧсны ацхыраараҟны илшамҭақәа. Уи есқьынгьы афырхаҵареи, ахьӡ-аҧшеи, ахамеигӡареи дырҿырҧшыганы дыҟазаауеит".


Возврат к списку