Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ишьақәирӷәӷәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика аконцепциа.
Аконституциа ахәҭаҷ 53 апункт 2 инақәыршәаны, Ахада инапы аҵаиҩит «Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика аконцепциа ашьақәырӷәӷәаразы» Аусԥҟа.
Ишьақәырӷәӷәоу Аконцепциа инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика принцип хадақәаны иҟоуп:
- амилаҭтә интересқәа рхадаратәра;
- адәныҟатәи ашәарҭарақәа активла рықәҿыҭра;
- адәныҟатәи аимадарақәа рыҩаӡарарацәатәра;
- азинеиҟарареи аҳаҭыреиқәҵареи рышьаҭала аусециуразы аҽаартра.
Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа инарықәыршәаны адәныҟаполитикатәи ҽазышәарақәа рызкызароуп абарҭ ахықәкқәа:
- Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә шәарҭадара алыршара, уи атәылауаа рыхьчара, аҳәынҭқарра асуверенитети адгьылҵакыратә акреи рырӷәӷәара;
- аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиаразы иҵоуроу адәныҟатәи аҭагылазаашьақәа раԥҵара, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәымтәылатә инвестициақәа радԥхьалара ацхраареи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаанырцә ахәаахәҭра-економикатә интересқәа рырҿиара ацхраара;
- аҳәаанырцә иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзинқәеи изакәану ринтересқәеи рыхьчара;
- Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала астратегиатә усеицура арҿиареи арӷәӷәареи;
- адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәзыргылаз Аԥсны Аҳәынҭқарреи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара наҟ-ааҟ ирзыфеидоу аусеицура арҿиареи арӷәӷәареи;
- Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥхьаҟатәи жәларбжьаратәи азхаҵара;
- адунеи ахьынӡанаӡааӡо аԥсуа диаспора аҽамадара;
- Аԥсны Аҳәынҭқарра иҵоуроу аҳаҭыр аԥҵареи арӷәӷәареи;
- ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҭышәныртәалареи Қырҭтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа анорма иақәшәо аҟаҵареи;
- Кавказ иахьаҵанакуа аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәара ацхраара;
- Аԥсны Аҳәынҭқарра иглобалтәуи ирегионалтәуи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рылаларазы аҽазышәарақәа рырҿыхара.