07.12.2020
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Аԥсны иҟоу УА Афедералтә шәарҭадара амаҵзура Аофициалтә хаҭарнак аполковник Алеқсандр Опарин иусура ахыркәшара инамаданы, иара убас ари амаҵзураҟны уи дзыԥсахыз аполковник Александр Соболь.
Аҳәынҭқарра Ахада Алеқсандр Опарин иҭабуп ҳәа еиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара алыршараҟны илагаламҭазы.
«Имҩаԥаҳго аусура иарбанзаалак иамоуп алагамҭеи анҵәамҭеи. Алеқсандр Владимир-иԥа, сгәы иаанагоит шәнапы ианыз аус анагӡара шәылшеит ҳәа. Шәҭагылазаашьа аныуадаҩызгьы ыҟан. Иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Сасык иаҳасабала бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит есқьынгьы Аԥсны, ареспубликаҟны ашәарҭадара ашьақәыргылараҟны шәара шәлагаламҭа ҳхашҭӡом»,- иҳәеит Ахада.
Аслан Бжьаниа Александр Опарин аԥсуа милаҭтә хҭарԥа ҳамҭас ииҭеит.
Ахада Аԥсны иҟоу УА Афедералтә шәарҭадара амаҵзура Аофициалтә хаҭарнак ҿыц Алеқсандр Соболь изеиӷьеишьеит иусураҿы аихьӡарақәа.