23.11.2020
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ацитрустә ҽаҩра Урыстәылаҟа алгара азҵаара иадҳәалоу аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аилацәажәара аартуа, Ахада иҳәеит:
«Ацитрустә ҽаҩра аамҭа ҳҭагылоуп, ҳанхацәа рҽаҩра Урыстәылатәи Афедерациахь иалганы иргоит, иҟоу аԥҟарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ари азҵаараҟны ацхыраара раҳҭароуп. Иҟоуп ауадаҩрақәа, аха сара агәра ганы сыҟоуп позициак ҳақәныҟәар зегьы, арҭ ауадаҩрақәа рыӡбара шалыршахо. Аԥснынтәи УА ахь аҽаҩра алгара иадҳәалоу апроблемақәа, иахьа ҳзеизагьы урҭ рырмариареи рыӡбареи рзы ауп».
Аилацәажәараҟны Аԥснынтәи УА ахь аҽаҩра алгара иадҳәалоу аҭагылазаашьа аиӷьтәра иазку ауснагӡатәқәа азгәарҭеит.
Аилацәажәара аусура иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы Ахантәаҩы Гәурам Инаԥшьба, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов.