Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Ҭеимураз Ачыгәба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иҭынхацәа дрыдышшылеит

18.11.2020

Ахада Ҭеимураз Ачыгәба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иҭынхацәа дрыдышшылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа зыҧсҭазаара иалҵыз иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ Ҭеимураз Ачыгәба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

Адышшыларатә текст аҟны иҳәоуп:

"Гәалсрала срыдышшылоит иналукааша аҭоурыхҭҵааҩ, аетнолог, ауаажәларратә усзуҩы Ҭеимураз Ачыгәба иуацәеи иҭынхацәеи.
Аҧсны аҭоурых аҭҵаараҿы, Аԥсны Анаукақәа ракадемиа ашьақәгылараҿы  Ҭеимураз Али-иҧа илагала аҵак ду амоуп.

Цәыӡ дууп Аҧсны аҭҵаарадырразы аҵарауаҩ иԥсра.

Ҭеимураз Ачыгәба ихьӡ иахьатәи Аԥсуа ҳәынҭқарра аҭоурых аҟны ахатә ҭыԥ ааннакыоит. Наунагӡа ҳгәалашәараҟны даанхоит.

Иԥсаҭа бзиахааит".    


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org