17.11.2020
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа АИХ рзы апресс-конференциа мҩаԥигеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иҵарны иқәгылоу азҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит, инарҭбааны далацәажәеит Урыстәыла Ахада Владимир Путини иареи реиԥылареи аиҿцәажәара аихшьалақәеи ртәы.
«Ҳара, шамахамзар, Аԥсны ҳгәы иҵхо аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирызку азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәеит. УА Ахада зҽлымҳара сыҭаны дысзыӡырҩит, ишызбоз изыхәҭоу аҭакзыԥхықәу аусуҩцәа адҵагьы риҭеит», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ахада иара убас иҳәеит аиԥылараҟны ишрыхәаԥшыз Аԥсны арратә шәарҭадара азҵаарақәа; аԥсны-урыстәылатәи аҳәааи аужьратә пункти ирыдҳәалоу азҵаарақәа; В. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылара; короновирустә аҿкы алаҵәара аҿагылараҟны ацхыраара; аихамҩатә кредит аркреи Аԥсны иалсны ицо аихамҩатә транзит; ареспублика ауааԥсыра иҷыдоу зыҩаӡара ҳараку атехнологиатә медицинатә цхыраара рыҭара уҳәа убас егьырҭ азҵаарақәагьы.
Апресс–конференциа мҩаԥысуан ҩ-сааҭк. Ахада АИХ ахаҭарнакцәа рыҟнытә 30 зҵаара рҭак ҟаиҵеит.