12.11.2020
Ихыркәшоуп Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини реиҿцәажәара
«Урыстәыла Ахада ВладимириПутини сареи ҳаиҿцәажәара, хымԥада, ҳтәылазы, ҳастратегиатә ҩызеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рзы хәарҭа аманы имҩаԥысит.
Ҳара ҳрылацәажәеит ҩ-ганктәи аусеицура азҵаареи егьырҭ наҟ-ааҟ иаҳзеиԥшу, иаҳзыфеидоу азҵаарақәа жәпакы»,- иҳәеит Аслан Бжьаниа аиԥылара ахыркәшара анаҩс.
Аиԥылара мҩаԥысуан х-сааҭк инарзынаԥшуа