Имҩаҧысит Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа напхгара ззиуа Аҧсны Аҳәынҭқарра аофициалтә делегациеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Асади реиҧылара.
Аҧсны Аҳәынҭқарра аофициалтә делегациа Дамаск инеит жьҭаарамза 6 рзы Шьамтәылан ацҳаражәҳәарҭа аартра иазку аусмҩаҧгатә аҽалархәразы.
Алхас Кәыҵниа Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Башар Асад салам ииҭеит, Шьамтәыла ажәлар ирзеиҕьеишьеит аҭынчреи аизҳазыҕьареи.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада иҳәеит хаҭала Аҧсны Ахадеи иареи реибадырра, аҩ-тәылак рыбжьара аусеицура иазку азҵаарақәа рылацәажәара игәы шазыҳәо. Алхас Кәыҵниа иазгәеиҭеит Аҧсны жәлар Шьамтәылатәи Арабтә Республика ажәлар адгылара шрырҭо атәыла жәларбжьаратәи атерроризм ацәыхьчареи, уи асуверенитети адгьылҵакыратә акреи реиқәырхареи рус аҟны.
Иахьа имҩаҧысит аҧснытәи аделегациеи аҧыза-министр Хусеин Арнуси адәныҟатәи аусқәа рминистр Уалид Муалеми реиҧылара.