Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҳәынҭқарра Ахадеи Гәдоуҭатәи ковид-центр аҳақьым хадеи ахәышәтәырҭаҟны аҭагылазаашьа зеиҧшроу иалацәажәеит

01.10.2020


Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭатәи ковид-центр аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба ҭелла иҽимадарала ахәышәтәырҭаҟны иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит.

Ахәышәтәырҭа ахада иҳәеит ацентр аҟны аҭагылазаашьа зеиҧшроу, амедицинатә усзуҩцәа короновирустә ҿкы аҿагыларазы имҩаҧырго ауснагӡатәқәа ртәы.

Ахада иҳәеит аҭагылазаашьа хаҭала хылаҧшра шаиҭо. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит акоординациатә штаби агәабзиарахьчара аминистрреи иааҧмырҟьаӡакәа гәдоуҭатәи ковид-центр аҟнытә адырра ширҭо.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит атәыла анапхгара ирылшо зегьы шыҟарҵо амедицинатә усҳәарҭа ганрацәала адгылара аҭаразы.  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org