Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш аҽны Аҟәа, Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭшьҭаҵара иазку аныҳәатә усмҩаҧгатә далахәын

30.09.2020

Ахада Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш аҽны Аҟәа, Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭшьҭаҵара иазку аныҳәатә усмҩаҧгатә далахәын

Цәыббрамза 30 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш аҽны Аҟәа, Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭшьҭаҵара иазку аныҳәатә усмҩаҧгатә далахәын.

Аусмҩаҧгатә иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәцәа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Алада Уаҧстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев, «Аҧсны анацәа аҭынчреи асоциалтә қәнагеи рзы» аиҿкаара ахаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа.

Аҳәынҭқарра Ахада, Аиҳабыра, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан Алада Ешыра ақ., Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь инышәынҭраҟны Џьгьарда ақ.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org