Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааиреи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит

30.09.2020

Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааиреи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааиреи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә аацҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

“Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш. Ари аныҳәа зхы иақәиҭу, аҭынч ҧсҭазаара азин азы игылаз Аҧсны жәлар рфырхаҵареи рхачҳареи символра рзызуа мшуп.  

Урыстәыла-аҧснытәи аизыҟазаашьақәа ҿиоит аидгылареи астратегиатә усеицуреи рҟазшьақәа шьаҭас ирыҭаны. Агәра згоит, аҧхьаҟагьы ганрацәалатәи ҩ-ганктәи ҳаимадарақәа рырҕәҕәара ҳтәылақәа ирықәынхо ауааҧсыра реизҳазыҕьара ишазкхо.  

Иазгәасҭарц сҭахуп, Урыстәыла аринахысгьы Аҧсны азы актуалра змоу аcоциалтә-економикатә ҳасабтәқәа рыӡбареи, амилаҭтә шәарҭадара алыршареи рыҟны мҽхакы ҭбаала ацхыраара аҟаҵара ишазхиоу.  

Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, ҳаиашьаратә аҧсуа жәлар ирзеиҕьасшьоит аҭынчра, анасыҧ".


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org