30.09.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш рыдиныҳәалеит.
“Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!
Ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш!
27 шықәса раҧхьа аҧсуа еибашьцәеи хатә гәаҧхарала иааны ирывагылаз урҭ аибашьцәеи хьӡи-ҧшеи рыманы инаӡеит Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәааҿы. Убасҟан наунагӡа ҳаҧсадгьыл иқәцан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа.
Ихьанҭан Аиааирахь инагаз амҩа. Уи иацын аҧсыҭбарақәа, алаҕырӡ, аамҭалатәи ахьаҵрақәа, аха иҟамызт агәкажьра. Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирдыруан Аҧсни аҧсуааи еиҧымхаразы Аиааира ада даҽа мҩакы шыҟамыз - Аҧсны жәлар рҧыза Владислав Арӡынба инапхгарала хамеигӡарада иазцон иҧшьоу рхықәкы.
Рыхьӡ кашәара ақәым Аҧсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз, хашҭра ақәым урҭ рфырхаҵара! Аиааиру ду амш аҽны ҳхырхәоит зыҧсқәа ахҭынҵаны иара ҳзаазгаз аӡәаӡәала рыхьӡала.
Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, анасыҧ.
Нагӡара ақәзааит Аҧсны Аҳәынҭқарра!”