29.09.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны иҟоу ААО арратә база адҵаҟаҵаҩ Олег Сеньков дидикылеит.
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аладатәи арратә округ 49-тәи азеиҧш архәҭатә Ар рыдҵаҟаҵаҩ Иаков Резанцев ихьӡала иара убас ҳара зегьы ҳаҟнытә Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә ныҳәа – Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш. Ажәлар ари аныҳәа ргәалашәонаҵы Аҧсны аҧсы ҭазаауеит»,- иҳәеит Олег Сеньков.
ААО арратә база адҵаҟаҵаҩ Аслан Бжьаниа изеиҕьеишьеит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа, аҧсны жәлар – аҭынчра, аизҳазыҕьара.
Аҧсны Ахада Олег Сеньков иҭабуп ҳәа еиҳәеит.
«Аҭагылазаашьа схы иархәаны, Аладатәи арратә округ 49-тәи азеиҧштә архәҭатә Ар рыдҵаҟаҵаҩ Иаков Резанцев иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп. Иаков Владимир-иҧа Резанцев – сҩыза бзиа иоуп. Хаҭала дыздыруеит. Уи Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара аиқәырхараҟны хаҭала илагаламҭа адуп. Ара есқьынгьы изыҧшуп, бзиа дырбоит, аҧсуа жәлар раҳаҭыр даҧсоуп»,- иҳәеит Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны иҟоу ААО арратә база хаҭалатәи аилазаара ирзеиҕьеишьеит аихьӡара дуқәа рнапы иану имариам аус аҟны.
Аиҧылара далахәын Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәара абжьгаҩ Владислав Нечипоренко.