20.09.2020
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алада Уаԥстәыла ажәлар ирыдиныҳәалеит ареспублика 30 шықәса ахыҵра.
Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иԥа, акыр иаԥсоу ҳашьцәа-ауаԥсаа!
Аҧсны жәлар рыхьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа арыцхә – Алада Уаҧстәыла Ареспублика ашьақәгылара 30 шықәса ахыҵра амш!
Алада Уаԥстәыла ашьақәгыларазы Алада - Уаԥстәылатәи автономтә област Адепутатцәа Рхеилак 1990 шықәса цәыббрамза 20 рзы иаднакылаз азыӡба ауаҧс жәлар ргәазыҳәара аазырҧшыз ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит.
Ҳара ҳажәларқәа имариамыз ари амҩа ианысит рыжәҩахыр еибыҭаны, шьаҿакгьы рхақәиҭреи рхьыԥшымреи ридеалқәа ирыцәхьамҵкәа. Аҩажәатәи ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Аԥсни Алада Уаԥстәылеи аҧсҭазааразы азин аиқәырхаразы абџьар шьҭыхны ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа ирҿагылеит.
2008 шықәсазы Қырҭтәыла еиҭа ақәылара иақәнакит, аха зыԥсадгьыл ахьчаразы игылаз ауаҧсаа рҵеицәа гәымшәацәеи ианаамҭаз Урыстәыла иҟанаҵаз ацхыраареи ирыбзоураны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхьчара алыршан.
Алада Уаԥстәыла Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала ироуз азхаҵара ҳтәылақәа ҳазҭагылоу аамҭазтәи рҭоурых аҿы хҭыс дуны иҟалеит. Ҳара иҳамоуп алшара аҿиаразы, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥшгьы агәра агаразы.
Акрызҵазкуа абри амш аҽны Алада Уаҧстәыла ажәлар зегьы гәык-ҧсыкала срыдныҳәалар сҭахуп. Аиашьара ҳзызуа Ауаҧс тәыла иазеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕьара.