Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Ахада ихаҭыҧуаҩ Сергеи Бебиа ииубилеи идиныҳәалеит.

15.09.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Ахада ихаҭыҧуаҩ Сергеи Бебиа ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

“Ҳаҭыр зқәу Сергеи Михаил-иҧа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит 80-шықәсатәи шәиубилеи.  

Шәара Аҧсны аҭҵаарадырра аҿиара зыпсҭазаара азызкыз, иналукааша ааҭҵаарадырратә интелигенциа ахаҭарнакцәа шәреиуоуп.  Шәара шәлагаламҭа дууп хәызмаӡам Аҧсны аҧсабаратә беиара  аҭҵаареи аиқәырхареи рус аҟны.

Хаҭала шәара шәусуреи адунеи аҟны еицырдыруа аҵарауаа-абиологцәеи, аинститутқәеи Шәареи шәеимадарақәа ирыбзоураны  аҟәатәи аботаникатә баҳчеи Аҧсны егьырҭ апаркқәеи реиқәырхареи реиҳахареи алыршахеит.  

Ҳаҭыр зқәу Сергеи Михаил-иҧа, абри амш шьахә аҽны ишәзеиҕьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа аҭҵаарадырраҟны".  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org