07.09.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟала аҭҵаарадырратәи апедагогикатәи усуразы, зыквалификациа ҳараку аспецилистцәа разыҟаҵараҟны илагаламҭа ду азы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, «Ахьӡ-Аҧша» аорден I и II аҩаӡара занашьоу, АА зҽаҧсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩы Алеко Гәарамиа «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз иреиҳаӡоу ашкол аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.