02.09.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Арцах Ахада Араик Арутиуниан Ареспублика Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Араик Владимир-иҧа!
Аҧсны жәлари Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгареи рыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Арцах Ареспублика Амш.
1991 шықәса цәыббрамза 2 рзы ирыдкылан Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика аҧҵара иазку Адекларациа. 29 шықәса раҧхьа ареферендум аҟны ажәлар ргәазыҳәарала аҳәынҭқарра амилаҭтә зинтә система ауасхыр азышьҭаҵан. Милаҭрацәала еилоу Арцах ажәлар ахықәкы ду азы, аиашеи ахақәиҭреи, исуверентәу, ихьыҧшым аҳәынҭқарра аргыларазы азини рзықәҧаразы аӡәк еиҧш еидгылеит.
Иахьа Арцах - зекономика, зкультура, зқыҭанхамҩа аҿиара амҩа иану, ҳаамҭа иақәшәо республикоуп. Ари иаҳәоит атәыла анапхгара ареспублика аҿиаразы, аизҳазыҕьаразы амҩа иаша шылнахыз атәы.
Сара агәра згоит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Арцах Ареспубликеи ирыбжьоу аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы аҿиара шроуа ҳажәларқәа реизҳазыҕьара ахьӡала.
Ҳаҭыр зқәу Араик Владимир-иҧа, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, анасыҧ, Арцах ажәлар зегьы – аҭынчра, аҿиара".