01.09.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адырра амш аҽны Афон ҿыц иҟоу ахәыҷбаҳча “Алашара” даҭааит.
Ари аусҳәарҭа Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҭашьақәыргылара мҩаҧган.
Аартра ацеремониа иалахәын иара убас аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Афон ҿыц ақ. Администрациа ахада Ҭемыр Оҭырба, аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат Натали Смыр, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аҳәынҭқарра Ахада ахәыҷбаҳчахь зшьапы еихызгаз ахәыҷқәа дрыдныҳәалеит. Ирзеиҕьаишьеит агәабзиара, аҭынчра, ақәҿиарақәа.