14.08.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ахьӡ-Аҧша апарки Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориали рыҟны ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Иахьа 28 шықәса ҵит Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны Аҳәынҭқарра иақәлеижьҭеи.
Агәалашәаратә усмҩаҧгатә иалахәын иара убас Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аиҳабыра алахәцәа, апарламент адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.