Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада аҧкьаҭмпыласҩы Амина Аншба дидикылеит

13.08.2020

Ахада аҧкьаҭмпыласҩы Амина Аншба дидикылеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҧсуа ҭыҧҳа - аҧкьаҭмпыласҩы Амина Аншба дидикылеит.  

«Гәадурала лнапы лымысхуеит аҿар рыҩныҵҟа Европа ачемпион, аҧхьаҟа адунеи иачемпионхараны иҟоу.  Ҳаицәажәама?! Абри ауп шәара шәҟәынтә ҳаззыҧшу», - абас ачемпион қәыҧш аҧсшәа лаҳәо, длыдныҳәалеит Ахада.

Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа леиҳәеит уи леихьӡара дуқәа рзы, Аҧсны ахьӡ адунеи иахьалалырҵәо, атәыла аҩныҵҟа аспорт арҿиаразы лылшамҭақәа рзы.  

Амина Аншба Ахада изеиҭалҳәеит аҧхьаҟатәи лыгәҭакқәа ртәы.  Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит ааигәа дызлахәхараны иҟоу жәларбжьаратәи атурнирқәа. Аҧкьаҭмпыласҩы хьаас икны иазгәалҭеит уажәы короновирус ачымазареи аҳәаақәа раркреи ирыхҟьаны аицлабрақәа рылахәхаразы алшара шлымам, дара аицлабрақәа еиҳарак Европа ишымҩаҧысуа.

Ахадеи аҧкьаҭмпыласҩи Аҧсны аҧкьаҭмпыласра аҿиара азҵаареи иааизакны ари аспорт хкы аҟны адунеи аҿы иҟоу ахырхарҭақәа ирылацәажәеит.
Амина Аншбеи уи лан Емма Кәарҭааи Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟаиҵо азҿлымҳареи адгылареи рзы.

Аиҧылара далахәын Жәлар Реизара адепутат Асҭамыр Аршба.  

Амина Аншба -  "Акәылӡхылҧа ду" ақәыҧшцәа ртурнирқәа: US Open (ЕАА), Roland Garros
(Франциа), Wimbledon (Британи ду) ирылахәыз раҧхьатәи аҧсуа ҧкьаҭмпыласҩуп.  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org