Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адҵа инапы аҵаиҩит короновирустә ҿкы инамаданы иалагалаз аҧкрақәа раҧыхразы.
Адокумент инақәыршәаны, Аҧсны Ареспубликеи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу аҳәаа аартуп.
Аҳәаа аартра инадҳәаланы аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны жәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит.
Ааҧхьара атекст аҟны иҳәоуп:
"Ажәлар шәхацкы!
Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рнапхгарақәа реиқәшаҳаҭрала аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара иахьа инаркны аҳәаа аартуп. Иаҧыхуп ҧшьымз раахыс аус зуаз аҧкрақәа. Ҳара Урыстәыла анапхгара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ирыдыркылаз азыӡбазы. Ари азыӡба, хымҧада, ҳтәыла аекономикатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра иацхраауеит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра коронавирустә ҿкы COVID19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб иақәнагоу азыӡба анаднакыла анаҩс, сара Адҵа снапы аҵазҩит Аҧсны Аҳәынҭқрра аганахьала аҧсны-урыстәылатәи аҳәааҟны аҧкрақәа зегьы раҧыхразы.
Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар, аҳәара ҟасҵоит ахыхьчаразы иаҭаху ауснагӡатәқәа зегьы ҳасаб рзыжәуларц, асанитартә-епидемиолгиатә ҧҟарақәа шәрықәныҟәаларц. Ари аҷымазара бааҧс иацу ашәарҭара амаҷшьара аҭахым. Ахыхьчаразы иаҭаху ауснагӡатәқәа ирықәныҟәалатәуп аҩны, аусбарҭақәа зегьы рыҟны, ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа, асасааирҭақәа, аҧсшьарҭа ҩнқәа, агәабзиарачаҧарҭақәа рыҟны. Сара Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рнапы ианысҵеит азҵаара ҷыдала хылаҧшра азыруларц. Ҳтәылауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи ҳҳәынҭқарразы зегьы иреиҳауп!
Абзиара шәықәзаит!".