24.07.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Аҷыдалкаатәи Азинмчзмоуи Ацҳаражәҳәаҩ А. Двинианини Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ацҳәаражәҳәаҩ-абжьгаҩ Максим Литвинови идикылеит.
Аиҧылара далахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба. Ирылацәажәеит Аҧсни Урыстәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ирызкыз азҵаарақәа.