Ахада Аҧсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы дидикылеит

Ахада Аҧсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы дидикылеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы, ателеканал «Абаза -ТВ» Адиректор хада Руслан Ҳашыг дидикылеит.

Руслан Ҳашыг  аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит Аҧсны Ажурналистцәа реидгыла Ажурналистцәа жәларбжьаратәи рфедерациа ишалалаз азы.

  «Ари ажәабжь бзиоуп аҧсуа журналистцәа реиҧш, Аҧсны жәлар зегьы рзы. АЖӘР алаларазы аусура ҩышықәса рыҩныҵҟа имҩаҧысуан. Иазгәасҭарц сҭахуп абри азҵаараҟны хықәкыла ацхыраара ҳазҭоз Владимир Соловиови Тимур Шафири, Урыстәыла ажурналистцәа реидгыла анапхгареи рроль»,- иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада аҧсуа журналистцәа ирыдиныҳәалеит ари ахҭыс. «Сара ари аҩыза ахҭыс ахьыҟалаз џьасшьаӡом. Ажурналистцәа реидгылаҟны апрофессионалцәа аус руеит. Сгәы иаанагоит, арҭ аҟазшьақәа, аҟыбаҩ, алшарақәа зегьы Аҧсны ауаажәларра, атәылауаа реизҳазыҕьара иазкхоит ҳәа»,- азгәеиҭеит Ахада, иҳәеит иара убас, ари аҧхьа ҭелла Т.Шафир дышиацәажәоз. «Сара уи хаҭала дыздыруеит. Иара ҳтәыла бзиа ибоит, адгыларагьы аиҭоит»,- иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Аҧсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Аҧсны Ахада ааҧхьара ииҭеит Урыстәыла Ажурналистцза рфорум ашҟа.  Афорум мҩаҧысуеит Шәача,  2020 шықәса цәыббрамза 21 инаркны 26 –нӡа. Ари афорум аҳәаа иҭагӡаны традициала имҩаҧысуеит «Аҧсны амшқәа», абрахь ааҧхьара имоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.
  
Аиҧылараҟны ирылацәажәан ареспублика Амасаатә информациа ахархәагақәа рыҿиара азҵаарақәагьы.  


Возврат к списку