15.07.2020
Атәыла анапхгара аспециалистцәа – аепидемиологцәа иҟарҵо абжьагарақәа инарықәыршәаны, ауааҧсыра коронавирустә ҿкы COVID19 рацәыхьчаразы зыда ҧсыхәа ыҟам ауснагӡатәқәа нанагӡоит. Ахада изныкымкәа ишиҳәахьоу еиҧш, атәыла анапхгаразы ихадараны иҟоу атәылауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчара ауп.
«Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра иҿыцу коронавирустә ҿкы COVID19 рацәыхьчаразы хазы игоу ауснагӡатәқәа рзы» 2020 шықәса рашәарамза 30 аҟнытә Ахада Идҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧсуа ган аҧсны-урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы аҧкрақәа раҧыхра иазку ажәалагалақәа азнархиеит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Аҧыза-министр Михаил Мишустин ихьӡала ашәҟәы дәықәиҵеит, иаҭаху асанитартә – епидемиологиатә уснагӡатәқәа рықәныҟәарала Аҧсны аҳәаа ахысразы аҧкрақәа раҧыхра ишазхиоу атәы зҳәо.
Ҳазҭагылоу аамҭазы аганқәа рхаҭарнакцәа рыбжьара аиҳабыра рыҩаӡараҟны аилабжьарақәа мҩаҧысуеит аҳәааҟны аҧкрақәа раҧыхразы еицырзеиҧшу азыӡба азырхиаразы. Иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, ауааҧсыра коронавирустә ҿкы COVID19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб ҧхынгәымза 14 аҟнытә азыӡба шьаҭас иаҭаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра иҿыцу коронавирустә ҿкы COVID19 рацәыхьчаразы хазы игоу ауснагӡатәқәа рзы» 2020 шықәса рашәарамза 30 аҟнытә Ахада Идҵа аҧсахрақәа ралагаларазы, аҳәынҭқарратә ҳәааҟны 2020 шықәса ҧхынгәымза 21 рҟынӡа аҧкрақәа ррежим ацҵара азҧхьагәазҭо Адҵа .