02.07.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Тамшьтәи адесант 27 шықәса ахыҵра инамаданы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаҧысуаз агәалашәаратә усмҩаҧгатә далахәын.
Агәалашәаратә усмҩаҧгатә иалахәын иара убас Аҧсны жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Мрагыларатәи афронт адҵаҟаҵаҩ Мираб Қьышьмариа, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Очамчыра араион Администрациа ахада Станислав Амҷба, атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, адепутатцәа, тамшьаа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуа-рҭынха, ашколхәыҷқәа.