Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада аҧснытәи амассатә информациа ахархәагақәа рзы апресс-конференциа мҩаҧигеит

02.07.2020

Ахада аҧснытәи амассатә информациа ахархәагақәа рзы апресс-конференциа мҩаҧигеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҧснытәи амассатә информациа ахархәагақәа рзы актәи апресс-конференциа мҩаҧигеит.

Ахада ҩ-сааҭк рыҩныҵҟа ажурналистцәа ирҭаз 31 зҵаара рҭак ҟаиҵеит. АИА рхаҭарнакцәа азҵааит Москваҟа иусуратә ныҟәара иаиуз алҵшәа, аҳәынҭқарратә ҳәааҟны аҧкрақәа раҧыхразы алшара,   атәылаҟни уи акәша-мыкәшеи иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа, амчхара ахәҭақәа рыбжьара аусеицура шымҩаҧысуа, атәылаҟны асоциалтә-економикатә, акриминогентә ҭагылазаашьа, аиҳабыра ашьақәыргылара апроцесс уҳәа ирызкыз азҵаарақәа жәпакы.  

Аҳәынҭқарра ахада ҷыдала дазааҭгылеит азинхьчаратә система аусбарҭақәа русура, азинтә шьаҭа змоу аҳәынҭқарра аргылараҟны азин иамоу аҵакы ҷыдала иаҵшьны.
Аҧсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аартра азҵаара далацәажәо, Ахада иҳәеит, ари азҵаара     атәылаҟни уи акәша-мыкәшеи иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ишахьыҧшу, убри аан аҳәынҭқарразы ихадараны ишыҟоу аҧсҭазаара, атәылауаа ргәабзиара.    
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ари азҵаараҟны аҧсуа гани аурыс гани еиқәшәаны, синхронла русура шеиҿыркаауа.  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org