Владимир Путини Аиааира 75 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы Москваҟа инаҧхьаз аҳәынҭқарра ахадацәеи Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Урыстәыла, Аҧсны, Алада Уаҧстәыла, Сербиа, Босниеи Герцеговинеи, Ареспублика Беларус, Молдова, Ҟазахсҭан, Ҭаџьиқисҭан, Узбекисҭан аҳәынҭқаррақәа рхадацәа адунеи афашизм иацәызыхьчаз асоветә еибашьцәа ҳаҭырла рыхьӡ ргәаладыршәеит минуҭктәи аҿымҭрала.