15.06.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵала Москва ақ. аҟны еицырдыруа урыстәылатәи арежиссиор, актиор, асценарист, ауаажәларра-политикатә усзуҩы Станислав Говорухин иҧсҭазаара далҵижьҭеи ҩышықәса аҵра инамаданы инышәынҭраҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан.
Аслан Бжьаниа адгылара аиҭеит 2022 шықәсазы Аҧсны акинофестиваль «Говорухин ифильмқәа рымчыбжь» амҩаҧгара. Уи Аҧсны иҭыхыз Станислав Сергеи-иҧа ифильм «Робинзона Крузо иҧсҭазаареи иџьашьахәу ихҭысқәеи» аҧҵеижьҭеи 50 шықәса аҵра иазкхоит.
Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә ныҟәараан Станислав Говорухин иҧшәмаҧҳәыс Галина Борис-иҧҳа дылҧылараны дыҟоуп афестиваль аҽалархәразы Аҧсныҟа ааҧхьара лиҭарц азы, афестиваль иазку Станислав Говорухин иусумҭақәа рцәыргақәҵа амҩаҧгара алыршара алацәажәаразы.
Аслан Бжьаниеи Станислав Говорухини хаҭала еибадыруан, аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьан.