12.06.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар рыхьӡала Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин аҳәынҭқарратә ныҳәа – Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә Цҳамҭа атекст аҟны иҳәоуп:
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!
"Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа ду – Урыстәыла Амш.
Урыстәыла Амш – Урыстәыла ҿыц иахәҭакны иҟалаз ныҳәоуп. Ари аныҳәа апатриотизми, ахақәиҭреи, ақәнагеи реиҧш иҟоу хра злоу аҟазшьақәа ирхыҵхырҭоу урыстәылатәи ажәлар ибеиоу рдоуҳатә, ркультуратә ҭынханы иҟалеит. Урыстәыла - иахьа ҳаамҭа иақәшәо, иҕәҕәоу, ихьыҧшым, амилаҭтә интересқәа рыхьчара хықәкыс измоу, шеи-шықәса мчы змоу аҳәынҭқарра астатус шьақәзырҕәҕәо тәылоуп.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, Аҧсны ауааҧсыра зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит аҧсуа ҳәынҭқарра арҕәҕәараҟни, ашәарҭадара алыршареи атәыла асоциалтә-економикатә ҿиареи, ҳтәылауаа рыҧсҭазаашьа аиҕьтәра аус аҟни хәы-змаӡам Шәара шәлагаламҭазы.
Азин сышәҭозар, Шәаргьы, Урыстәыла ажәлар зегьи гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәаларц сҭахуп ари аныҳәамш, ишәзеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕьара, аихьӡара ҿыцқәа Урыстәыла дуӡӡа ахьӡала".