Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада абизнес-уаажәларра ахаҭарнакцәеи амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи дырҧылеит

05.06.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа абизнес-уаажәларра ахаҭарнакцәа, иара убас амчратә еилазаарақәа ҧасатәии аус зуеи рнапхгаҩцәеи дырҧылеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада аиҧылара алагамҭазы анаплакҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит ачымазара ҿкы анымҩаҧысуа аамҭазы Аҧсны ауааҧсыпа ирырҭо ацхырааразы.  «Ҳара зегьы, хаҭала саргьы, ҳгәы шьҭнахит иҟалаз арыцҳара шәызегьы шәеицҿакны абас иахьақәҿышәҭыз. Коронавирус - проблема хьанҭоуп, уи, ҳәарада, алҵшәа бааҧсқәагьы аиуеит. Аха Анцәа имчала, ҳаиааиуеит ҳәа сгәы иаанагоит», - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Ахада абри аан иаҵшьны иҳәеит, ишыҟоу даҽа проблемақәагьы, урҭ ҳдыргәамҵуеижьҭеигьы акрааҵуеит.  
Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит аидеиақәа жәпакы рыӡбахә, урҭ рынагӡараҟынгьы ирыдигалеит абизнес аҽалархәра.

Аслан Бжьаниа далацәажәеит атәылауаа рҕьычразы иҟоу азеиҧш статистика. “Ҷыдала, иаҳҳәозар, азинхьчаратә усбарҭақәа иҳарҭаз аинформациа ала, ацәгьоуцәа ирҕьычыз 53-ҩык АА атәылауаа рзы иззыҳәоз азеиҧш ҿыхҧса миллиард мааҭк еиҳаны иартәоит, урҭ рахьтә ацәгьоуцәа ирызшәан 200 млн мааҭ”, - иҳәеит иара.

  Аҳәынҭқарра Ахада дазааҭгыланы иҳәеит ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ацәгьоура рацәыхьчаразы аҷыдалкаатә уснагӡатәқәа шымҩаҧгатәу.  

  «Ари амҽхак шәарҭахо иалагеит урҭ, апроблема аӡбаразы амчқәа зегьы еидкылатәуп. Абри аганахьала даара шәара ҳшәықәгәыҕуеит»,- иҳәеит Аслан Бжьаниа, анаплакҩцәа ихы рықәкны.  

Абри аан Ахада иазгәеиҭеит, атәыла анапхгара ибзианы ишырдыруа абизнес ала апроблемақәа зегьы рыӡбара шалымшогьы, раҧхьа ишыргалатәу, акрызҵазкуа уснагӡатәны иҟоу, азакәан ақәныҟәареи ауааҧсыра ршәарҭадара ахьчареи.
«Аҳәынҭқарра, раҧхьа инаргыланы, азин ала иалагоит», -   иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аиҧылара иалахәыз ишьҭыхыз азҵаарақәа жәпакы рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org