29.05.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2017-2019 шш. Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа аусмҩаҧгатәқәа рхыркәшара, иара убас ихыркәшам, аҧхьаҟа ииасуа аобиектқәа, 2020-2022 шш. рызтәи аусмҩаҧгатәқәа разырхиара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еиҧылара мҩаҧигеит.
Аилацәажәара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аинвестициатә программа лыҵшәа бзиала анагӡара иамоу аҵак ду атәы.
«Ҳтәылауаа ирдыруеит Урыстәылатәи Афедерациа акыр шықәса раахыс ҳреспублика афинанстә цхыраара шанаҭо. Акраҵанакуеит ари ацхыраара ишақәнагоу ала изызку рҟынӡа анагара», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит Аинвестициатә программа анагӡара шымҩаҧысуазы. Аслан Бжьаниа аилацәажәара иалахәыз азхьарҧшны иазгәеиҭеит, аҭакзыҧхықәу аусбарҭақәа иааигәаӡаны русеицуреи хықәкыла Аинвестициатә программа ахархәагақәа рхархәареи акырӡа шаҵанакуа.
Ахада аусуратә еилацәажәара иалахәыз рнапы ианиҵеит зыргылара иаҿу аобиектқәа ианаамҭоу рхыркәшара, убри аан имҩаҧысуа аусурақәа рхаҭабзиара ҷыдала ахылаҧшра аҭара.
Аилацәажәара иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Џьансыхә Нанба, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аконтрольтә палата ахантәаҩы Роберт Аршба, АШӘА ахантәаҩы инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Роберт Киут, АШӘА ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Ҭемыр Ахьиба, Апрокурор Хада актәи ихаҭыҧуаҩ Дамир Кәыҵниа.